Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 659 Қарҭ иаарҧшын, 363 - Имереҭи, 286 – Кахеҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 659 Қарҭ иаарҧшын, 363 - Имереҭи, 286 – Кахеҭи

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 659 Қарҭ иаарҧшын, 363 – Имереҭи, 286 – Кахеҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 32 522 атестқәа:  18 251 – антиген азы, PCR – 14 271.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 5,93%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 6,16%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 5,82%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан  611 269–ҩык, урҭ рҟынтә 582 805-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 8 917-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 1 774 769 -ҩык, ҽнакала –12 469-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 1 929 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 659 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 96, Имереҭи  –  363 , Қвемо Қарҭли  — 147, Шида Қарҭли   – 90, Гуриа  —  56, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 155, Кахеҭи –  286,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  – 37, Самцхе-Џьавахеҭи  — 33, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  – 7.