Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 550 Қарҭ иаарҧшын, 102- Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла, 84 – Имереҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 550 Қарҭ иаарҧшын, 102- Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла, 84 – Имереҭи

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 550 Қарҭ иаарҧшын, 102- Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла, 84 – Имереҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 39697 атестқәа: 25 325 – антиген азы,  PCR –  14 372.

Аҵоура арбага: мышктәи –  4,45%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 3,86%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 4,05%.

Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 340 330–ҩык, урҭ рҟынтә 321 928-ҩык aчымaзaрa иaлҵит,  4 682 -ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 121263-ҩык, мышкала – 3882-ҩык.

Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 89-ҩык, 672-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,  3 940 -ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз  1015 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә:  550 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 71, Имереҭи —  84, Қвемо Қарҭли  —  65,  Шида Қарҭли  —  35, Гуриа  —14, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 102,  Кахеҭи  —  46,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  —  28,  Самцхе-Џьавахеҭи  — 12, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  — 8.