Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 519 Қарҭ иаарҧшын, 125 - Қвемо Қарҭли, 91 - Аҷара
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 519 Қарҭ иаарҧшын, 125 – Қвемо Қарҭли , 91 – Аҷара. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 15 032 атестқәа: 7 413 – антиген азы, PCR – 7 619.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 6,27%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 5,5%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 5,77%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 938 583-ҩык, урҭ рҟынтә 902 948-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 13 942 -ҩык иҧсит.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 943 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 519 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 91, Имереҭи – 68, Қвемо Қарҭли – 125, Шида Қарҭли – 15, Гуриа — 29, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 40, Кахеҭи – 37, Мцхеҭа – Мҭианеҭи – 13, Самцхе-Џьавахеҭи — 6.