Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 331 Қарҭ иаарҧшын, 56 - Имереҭи , 51 - Аҷара
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 331 Қарҭ иаарҧшын, 56 – Имереҭи, 51 – Аҷара. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 29 729 атестқәа: 16 531 – антиген азы, PCR – 13 198.
Аҵоура арбага: мышктәи – 1,95%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 1,81%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 1,85%.
Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 283 369-ҩык, урҭ рҟынтә 274 145-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 3 804-ҩык иҧсит.
Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 250-ҩык, 231-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,1 758-ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 580 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 331 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 51, Имереҭи — 56, Қвемо Қарҭли — 22, Шида Қарҭли — 26, Гуриа — 17, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 50, Кахеҭи — 10, Мцхеҭа – Мҭианеҭи — 6, Самцхе-Џьавахеҭи — 1, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи — 10.