Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 177 Қарҭ иаарҧшын, 43 – Имереҭи, 36 - Кахеҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 177 Қарҭ иаарҧшын, 43 – Имереҭи, 36 - Кахеҭи

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 177 Қарҭ иаарҧшын, 43 – Имереҭи, 36 – Кахеҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп  23138 атестқәа: 20 804 – антиген азы, PCR – 2 334.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 1.69%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 1.82%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 1.53%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан  1 651 969-ҩык, урҭ рҟынтә 1 631 846-ҩык aчымaзaрa иaлҵит,  16 779 -ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2867451-ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 1304-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 392 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 177 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 20, Имереҭи  – 43, Қвемо Қарҭли  –  17,  Шида Қарҭли –  28, Гуриа  – 31, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  – 24, Кахеҭи –  36,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  – 5, Самцхе-Џьавахеҭи  – 3, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 8.