Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 379 Қарҭ иаарҧшын,  1 028 - Имееҭи,  889 - Кахеҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 379 Қарҭ иаарҧшын, 1 028 - Имееҭи, 889 - Кахеҭи

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 379 Қарҭ иаарҧшын, 1 028 – Имееҭи, 889 – Кахеҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 49 386 атестқәа: 32 217 – антиген азы, PCR – 17 169.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 9,79%, иҳаҩсыз 14 мштәи –6,95%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 8,52%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 645 195–ҩык, урҭ рҟынтә 605 581-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 9 332-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп  1 889 200-ҩык, ҽнакала – 6 837-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 4 837 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 1 379 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 171, Имереҭи  –   1 028, Қвемо Қарҭли  —   257, Шида Қарҭли   – 298, Гуриа  —  143, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  —  444, Кахеҭи –  889,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  –  80, Самцхе-Џьавахеҭи  — 96, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  –  52.