Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 246 Қарҭ иаарҧшын, 437 - Имереҭи, 204 - Аҷара
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 246 Қарҭ иаарҧшын, 437 – Имереҭи, 204 – Аҷара. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 45 153 атестқәа: 28 160 – антиген азы, PCR – 16 993.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 6,07%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 6,58%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 6,19%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 916 477-ҩык, урҭ рҟынтә 869 411-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 13 221-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2 414 722-ҩык, ҽнакала – 13 878-ҩык.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 3 282 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 1 246 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 204, Имереҭи – 437, Қвемо Қарҭли – 120, Шида Қарҭли – 174, Гуриа — 99, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 184, Кахеҭи – 147, Мцхеҭа – Мҭианеҭи – 66, Самцхе-Џьавахеҭи —50, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи – 12.