Аихқәа рдыррақәа рыла, Украина Чехиантә атанкқәа аиуеит
Аихқәа рдыррақәа рыла, Украина Чехиантә атанкқәа аиуеит

Чехиа, Евроеидгыла иалоу Украина   ишиашоу абџьар азҭо актәи тәылоуп. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Аихқәа рдыррақәа рыла, Чехиа ачинҳаракҩцәа “Роитер” ахь аарыцҳаит атәыла Украина асоветтә Т-72 атанкқәеи BVP-1 аибашьыга машьынақәеи шанаҭаз.

Чехиа Атәылахьчара аминистр Иана Церночова атәыла апарламент аҿы ақәгылараан ишаалыцҳаз, Чехиа Украина азаанарԥшыз адырра шьақәлмырӷәӷәеит, аха мапгьы ацәылымкит.

„Чехиатәи ареспублика Украина излалшо ала ацхраауеит, арратә аибыҭара аганахьалагьы ацхраауеит, абри аҳәара мацара ауп исылшо,” – илҳәеит Чехиа Атәылахьчара аминистр.