Аихқәа рдыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла Швециа атәылахьчара аминистр ивизит аԥнахит
Аихқәа рдыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла Швециа атәылахьчара аминистр ивизит аԥнахит

Ҭырқәтәыла Швециа атәылахьчара аминистр ивизит аԥнахит. Ари атәы аанацҳаит “Франс 24”.

Акьыԥхь аинформациа ала, Анкараҿ Стокгольм иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәара аԥхьа Швециа анапхгара акциа амҩаԥгара азин ахьарҭаз ргәамԥхеит. Аҿагыларатә акциа Стокголь арӷьаратәи аексртемист Расмус Палуден имҩаԥигароуп.  Уи акциаҿ аҟәырҟан абылра игәы иҭоуп.

Швециа атәылахьчара аминистр Пол Ионсон Анкара ажьырныҳәа 27 рзы даҭаар акәын. Аха, Ҭырқәтәыла атәыоахьчара аминистр Пулус Акар игааицҳаз, Ионсон ивизит иҵакыдоуп.

Пол Ионсон Анкараҿ ивизит аан  Швециеи Финлиандиеи Нато ахь ралалара аҿагылара аԥыхра иазкны Ҭырқәтәыла ахь ааԥхьара аҟаҵара игәы иҭан.