Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина Норвегиантә "Леопард-2" атанкқәа хәажәкыра анҵәамҭазы аиуеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина Норвегиантә "Леопард-2" атанкқәа хәажәкыра анҵәамҭазы аиуеит

Украина Норвегиантә “Леопард-2” атанкқәа хәажәкыра анҵәамҭазы аиуеит

Норвегиа Атәылахьчара аминистр Бирон Арилд Грес иҟаиҵаз аҳәамҭала, Новегиа амоу “Леопард-2” атанкқәа рыхәҭа Украинахь излаалшо ала ирласны ашьҭра аҭахуп, ари хәашәкыра анҵәамҭазы алшахоит ҳәа.

Норвегиа, атанктә коалициа иалоу европатәи атәылақәа иреиуоуп, ари акоалициа иалоу атәылақәа Украина германтәылатәи атанкқәа “Леопард-2” аҭара ажәа шьҭарҵеит. Иахьазы Норвегиа 36 атанкқәа амоуп, аха Украина анаҭо ахыԥхьаӡара илырым.