Аих рдыррақәа рыла, америкатәи арратә ҳаирпланла Қабул аҟынтә аевакуациа рзыруит 640-ҩык
Аих рдыррақәа рыла, америкатәи арратә ҳаирпланла Қабул аҟынтә аевакуациа рзыруит 640-ҩык

Америкатәи арратә ҳаирпланла Қабул аҟынтә аевакуациа рзыруит 640-ҩык. Ари атәы аарыцҳаит америкатәи аих Атәылахьчара аминистра аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аих рдыррақәа рыла, нанҳәа 15 рзы арратә-атранспорттә ҳаирпланла Афганистан аҟынтё аевакуациа рзыруит 640-ҩык аҭыԥантәи тәылауаа.

Америкатәи арратә ҳаирплан Ҟатартәи авиабазаҿ тәеит.

Нанҳәа 15 рзы аҵысра Ҭалибан алахәылацәа Кабул ааныркылеит, ари иахҟьаны Афганистан аҳҭнықалақь аҿы хаос иалагеит. Афганистан ауааԥсыра атәыла иқәҵуеит, урҭ аҳаирпланқәа рыла атәыла ааныжьра иақәырҟит. Иҭахеит 7-ҩык.