Роитер - Кабултәи аҳаирбаӷәазаҿ иҟалаз атҟәацраан 13-ҩык ҭахеит
Роитер - Кабултәи аҳаирбаӷәазаҿ иҟалаз атҟәацраан 13-ҩык ҭахеит

“Роитер” аинформациа ала, Кабултәи аҳаирбаӷәазаҿ иҟалаз атҟәацраан 13-ҩык ҭахеит.

Агентра ишаанацҳаз, атҟәацра аҳаирбаӷәаза аҩналарҭақәа руакы ааигәара ҟалеит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ҭахеит 13-ҩык, урҭ иреиуоуп аҳәсеи ахәыҷқәеи. Аахақәа роуит “Ҭалибан” алахәылацәагьы. Иҟоу адыррақәа рыла, иҽԥижәит аҽшьҩы-терорист.

“Фоқс ниус” адыррақәа рыла, аахақәа роуит хҩык америкатәи аруаа.