Киев ааигәара ҩтҟәацрак ҟлеит

Киев ааигәара ҩтҟәацра ӷәӷәак ҟлеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС Украина аҳҭнықалақь аҿы иҟоу ркорерспондент иҟынтә аинформациа қақӷәыс аҭаны.

Атҟәацрақәа шьыжь шаанӡа, киевтәи аамҭала асааҭ 05:00 рзы, Киев мраҭашәарахьала, Боршьаговкатәи араион аҿы ҟалеит.

Аҭыԥантәи ателеканал “Украина 24” аинформациала, аракетақәа Беларус аҵакырантә рышьҭит. Аԥсыҭбарақәа ирызку адыррақәа макьана иҟам.