Русҭавтәи аметаллургиатә зауад иахьаҵанакуа аҭыԥ змаз атҟәацра амзызла аӡәы дҭахеит

Русҭавтәи аметаллургиатә зауад иахьаҵанакуа аҭыԥ змаз атҟәацра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит 60 шықәса зхыҵа ахаҵа. Атҟәацра иацы асааҭ 18:00 рзы ҟалеит.

Ахәышәтәырҭантә ишаарыцҳаз ала, идырым амҭәахәы азауад ашҭаҿ тҟәацит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистраҿ ашьаус хацыркуп.