Дидубе араион гамгебели - Диӷомтәи массив аҟны иҟалаз атҟәацра аӡәгьы даламӡит

Дидубе араион гамгебели Ладо Ӡнелаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала,  Диӷомтәи массив аԥшьбатәи аквартал аҿы атҟәацра аԥсбаратә газ амзызла ҟалеит.

Ӡнелаӡе ишааицҳаз,  атҟәацра аӡәгьы даламӡит.

“Заанаҵтәи аинформациала атҟәацра агаз иахҟьуоп, аԥенџьырқәа ԥҽит. Анцәа ҭаблуп ҳәа иаҳҳәоит, аԥсыҭбарақәа ахьыҟам. Ҭаацәарақәак аԥхасҭа роуит, рынхарҭақәа еилаҳаит. Қарҭтәи амуниципалитет акомпетенциа аҳәаақәа ирҭагӡаны урҭ ацхыраара раҳҭоит. Аӡәы аахақәа иоуит, аха иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам,” – иҳәеит гамгебели.