Кабул иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара 170-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Кабул иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара 170-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Афганистан аҳҭнықалақь иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара 170-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари атәы аанацҳаит “СиБиЕс” Афганистан Агәабзиарахьчара аминистр аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Амедиахархәага аинформациа ала, атҟәацра ашьҭахь, Кабултәи аҳаирбаӷәазантә атәылауаа ревакуациа апроцесс еиҭалагеит. Зықьҩыла атәылауаа аҳаирбаӷәаҿ аҳаирпланқәа ирзыԥшуп.

ЕАР ахҵәацәа рагентра аинформациа ала, иаауа амзқәа рзы Афганистан аҟынтә миллионҩык иқәҵыр ҟалоит. Нанҳәа 14 инаркны акоалициатә мчқәа Афганистан аҟынтә аевакуациа рзыруит 105 000-ҩык.