АИХ адыррақәа рыла, «Мариуполь  акәацҧҟаҩы» ҳәа идыру Михаил Мизинцев Урыстәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩс дҟарҵеит
АИХ адыррақәа рыла, «Мариуполь  акәацҧҟаҩы» ҳәа идыру Михаил Мизинцев Урыстәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩс дҟарҵеит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра анапхгараҿы акадртә ҧсарақәа ҟалеит. Аинрал-полковник Михаил Мизинцев Урыстәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩс дҟарҵеит. Ари атәы аанацҳаит «Би-Би-Си».

Мизинцев иаҧхьа ари аҭыҧ ааникылон Дмитри Булгаков, иара ар аматериал-техникатә аиқәыршәара инапы ианын.

Украинатәи АИХ ишырыҩуа ала,  2022 шықәсазы  Мизинцев украинатәи ақалақь Мариуполь ажәылара анапхгара азиуан, иара иоуп аурыс аруаа адҵа рызҭаз аҭынчуаа ахьыҟаз адраматә театри ахшараиурҭақәеи абомбақәа рыларыжьырц.   Аҭынчуаа гәымбылџьбарала рызныҟәаразы Мизинцев  «Мариупольтәи акәацҧҟаҩы» ҳәа ихьӡарҵеит.

Иара убас, украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Мизинцев Сириа аоперациагьы анапхгара азиуан.