АИХ адыррақәа рыла, ажьырныҳәа  12 рзы Иенс Столтенберг Урыстәыла – НАТО Ахеилак ааҧхьара игәы иҭоуп
АИХ адыррақәа рыла, ажьырныҳәа  12 рзы Иенс Столтенберг Урыстәыла – НАТО Ахеилак ааҧхьара игәы иҭоуп

НАТО маӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ажьырныҳәа 12 рзы  Урыстәыла – НАТО Ахеилак ааҧхьара игәы иҭоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  «Анадолу».

«Аиҧылара иадҳәаланы Урыстәылаҟны аимадара ҳамоуп», — ааицҳаит Аҩадаатлантикатә алианс ахаҭарнак аҭырқәа АИХ аинтервиу анриҭоз.

Аинформациа инақәыршәаны, ажьырныҳәа 12 рзы НАТО Аштаб хада аиҧылара мҩаҧысуеит.