Аиустициа аминистрра - ЕАШ аҳәынҭдепартамент аҳасабырбала, атрефикинг аҿагылара аганахьала Қырҭтәыла еиҭах ахәшьара ҳарак аиуит
Аиустициа аминистрра - ЕАШ аҳәынҭдепартамент аҳасабырбала, атрефикинг аҿагылара аганахьала Қырҭтәыла еиҭах ахәшьара ҳарак аиуит

ЕАШ аҳынҭдепартамент 2023 шықәса рашәара 15 рзы аланарҵәаз аҳасабырба инақәыршәаны, ауаҩытәыҩса имҵарсра (атрефикинг) аҿагылара аганахьала имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рыла, 188 тәыла рыбжьара, аашықәса ирылагӡаны  Қырҭтәыла аԥхьагылара змоу атәылақәа иреиуп. Сынтәа иреиҳаӡоу ахәшьара 30 тәыла мацара роуит, – аанацҳаит Аиустициа аминистрра.

Аиустициа аминистрра аинформациа ала, арегион амасштаб ала “арҭбааратә” атәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла сынтәагьы апозициа бзиа ааннакылан, Евроеидгыла иалоу атәылақәа: Германтәыла, Франциа, Бельгиа, Австриа, Нидерланды, Швециа, Лиуксембург ирывагылоуп.