Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет Атәылауаа рполитикатә аидҵарақәа ирызку азакәан аҧсахрақәа алагалара иадгылеит
Аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет Атәылауаа рполитикатә аидҵарақәа ирызку азакәан иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәеи урҭ ирхылҵуа азакәанпроектқәеи актәи аҧхьарала ирыхәаҧшит. Афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» азакәанҧҵаратә инициатива цәыригеит афракциа ахантәаҩы Иракли Кирцхалиа.
Азакәанпроект инақәыршәаны, алхраҧхьатәи ахықәкқәа змоу аполитикатә партиеи ахаҿи алекциақәеи, асеминарқәеи ма урҭ иреиҧшу егьырҭ аусмҩаҧгатәқәаеи рзы Қырҭтәыла аҩныҵҩҟа ма анҭыҵ ашәҟәы иҭагалоу ауаҩы ма аиҿкаарақәа рҟынтә ацхыраара аиура азин рымам.
Иракли Кирцхалиа иҳәамҭала, аҳәаанырцәынтә агрант аиуразы Қырҭтәыла аиҳабыра рықәшаҳаҭра аҭаххоит. Агрант аиура апроцесс иахылаҧшуеит Антикоррупциатә биуро.
Иахәҭоу азин ада агрант аиура аҭакҧхықәра ахылҵуеит, лымкаала, азинда агрант зауа ауаҩы, агрант аасҭа ҩынтә еиҳау ахараҧса ашәара иқәшәоит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.