Аиқәырхаҩцәа Шови аҟны аиқәырхаратә ареал дырҭбааит
Аиқәырхаҩцәа Шови аҟны аиқәырхаратә ареал дырҭбааит

Аиқәырхаҩцәа Шови аҟны аиқәырхара-аԥшааратә усурақәа рареал дырҭбааит.

Аиқәырхаҩцәа аԥсабаратә рыцҳара азона ҩкилометртә арадиус аҿы аиқәырхара-аԥшааратә усурақәа мҩаԥыргоит.

Актәи аканал акорреспнлент ишааицҳаз, аиқәырхаҩцәа аӡиас агаҿы аԥшааратә усурақәа мҩаԥыргоит.

Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы. Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 18-ҩык рҟынӡа, 17-ҩык рыԥшаара иаҿуп.

Қырҭтәыла аҵакыраҿ нанҳәа 7 алахьеиқәҵаратә мшуп.