«Ҵҟалтубо адунеитә ҵакы змоу ҳаамҭазтәи абальнеологиатә курортс иҟаларцаз, аҳәынҭқарра ари апроект иазоунашьҭуеит жәабала миллион лари», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аинвестициатә проект — «Ҵҟалтубо аҧсҭазаара ҿыц» аӡыргараҿы данықәгылоз.
Аҧыза-министр Ҵҟалтубо аҿиара иадҳәаланы аиҳабыра ирымоу апланқәа дрылацәажәеит. Иара иажәақәа рыла, аплан хада нагӡоуп.
«Ҳара 14 санаториқәа аҭиразы иқәҳаргылахьеит, иахьазы урҭ рыхә 50 миллион лари еиҳауп, Ҵҟалтубо аиҭашьақәыргыларазы 500 миллион лари аинвестициа ҳақәгәыҕуеит. Ҳәарада, хазхаҭаләти аинвестициақәа роуп ҳазлацәажәо. Баден-Баден ма Карловы Вары иаабахьоу акурортқәа реиҧшҵәҟьа Ҵҟалтубогьы адунеитә ҵакы змоу ҳаамҭазтәи абальнеологиатә курортс иҟаларцаз, аҳәынҭқаррагьы ари апроект иазоунашьҭуеит жәабала миллион лари. Ҵҟалтубо адунеитә ҵакы змоу курортс иҟаларцаз апотенциал ду амоуп», — иҳәеит аҧыза-министр.