Аиҳабыра, хара имгакәа, ауаажәлар ирызцәырыргоит иреиҳаӡоу аҵара ареформа аконцепциа
Аиҳабыра, хара имгакәа, ауаажәлар ирызцәырыргоит иреиҳаӡоу аҵара ареформа аконцепциа. Ари азҵаара иалацәажәеит аҧыза-министр инапхгарала аиҳабыра радминистрациаҿы иахьа имҩаҧгаз иреиҳаӡоу аҵара ареформа аиҳабыратә комиссиа аилатәараҿы.
Иахьатәи аилатәараҿы, акомиссиа алахәылацәа, иреиҳаӡоу аҵара ареформа аконцепциазы еиқәшаҳаҭхеит. Ари адокумент иаҳа аиҕьтәра амзызла, аусхкы аспециалистцәеи, иреиҳаӡоу аҵараирҭақәа рнапхгаҩцәеи, абизнес сектор ахаҭарнакцәеи рҽалархәрала иахәаҧшуеит, анеҩс, аҵыхәтәантәи адокумент, ауаажәлар ирызцәырыргоит. Иреиҳаӡоу аҵара ареформа аконцепциа мызқәак ирылагӡаны аус адырулон.
Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аконцепциаҿы иарбоуп иреиҳаӡоу аҵара асистемаҿы иҟоу апроблемақәа рҭыҧқәҵаразы анеҩстәи ашықәсқәа рзы имҩаҧгахо ауснагӡатәқәа.
Аилатәараҿы аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аконцепциа ашьаҭала, атәылаҿы иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиҕьтәреи аҿар Қырҭтәылаҿы европатәи ахаҭабзиара змоу иреиҳаӡоу аҵара аиура алшара рызҭаша асистема аҧҵареи рылшоит.