Аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны, акоронавирус ҿызкааз ауаҩҧсы иҟны аимадара ашьҭахь аҽыҧхьакразы ахыдҵа  аҧыхуп
Аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны, акоронавирус ҿызкааз ауаҩҧсы иҟны аимадара ашьҭахь аҽыҧхьакразы ахыдҵа аҧыхуп

Акоронавирус ҿызкааз ауаҩҧсы иҟны аимадара ашьҭахь аҽыҧхьакразы ахыдҵа инагӡаны аҧыхуп.

Аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны,  акоронавирус ала ичмазаҩу ауаҩҧсы иҟны аимадара змаз ахаҿқәа,  аимадара ашьҭахь анеҩстәи  10 мшы  рыҩныҵҟа хымҧада асабрадақәа ныҟәыргалароуп.

Иахьанӡа амч змаз арегулиациа инақәыршәаны, акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟазымҵаз, мамзаргьы аиммунизациа наӡа иахымсыз ауааҧсыра, акоронавирус аинфекциа ҿызкааз ауаҩҧсы иҟны аимадра ашьҭахь хымҧада  8 мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазар акәын, анеҩс,  9-12 мшы асабрада аныҟәгара рыхәҭан.