Аиҳабыра рыӡбарала, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ахәыҷқәеи ирызку асоциалтә пакет  азҳауеит 390 лари аҟынӡа, зылшарақәа маҷу егьырҭ акатегориақәа рзы  –  195 лари аҟынӡа
Аиҳабыра рыӡбарала, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ахәыҷқәеи ирызку асоциалтә пакет  азҳауеит 390 лари аҟынӡа, зылшарақәа маҷу егьырҭ акатегориақәа рзы  –  195 лари аҟынӡа

 

«Сынтәа, ажьырныҳәа инаркны,  лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ахәыҷқәеи ирызку асоциалтә пакет  50 лари ацлоит, уи  340  лари аҟынтә  390 лари аҟынӡа азҳауеит», — ари атәы иануп аиҳабыра радминистрациа иаладырҵәаз аинформациаҿы.

«Иахьатәи аилатәараҿы аиҳабыра алахәылацәа   «Асоциалтә пакет аҳәаақәҵара иазку» Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект иахәаҧшит.

Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, сынтәа, ажьырныҳәа инаркны,  лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ахәыҷқәеи ирызку асоциалтә пакет  50 лари ацлоит, уи  340  лари аҟынтә  390 лари аҟынӡа азҳауеит.  Зылшарақәа мчу егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакәа ауааҧсыра  20 лари рзацырҵоит, дара ирызку асоциалтә пакет  175 лари аҟынтә  195 лари аҟынӡа иазҳауеит. Абиуџьет  46 миллион лари иаҟароуп.

Ирҭбаау асоциалтә пакет рхы иадырхәар рылшоит  123 нызқьҩык раҟара абенефициарцәа», — иануп аиҳабыра радминистрациа аинформациаҿы.