Америка 2023 шықәсатәи абиуџьет апроектаҿ Қырҭтәылазы, ацхыраара аҳасабала,  132 025 000 адоллар еиҵамкәа иазҧхьагәаҭоуп
Америка 2023 шықәсатәи абиуџьет апроектаҿ Қырҭтәылазы, ацхыраара аҳасабала,  132 025 000 адоллар еиҵамкәа иазҧхьагәаҭоуп

Америка 2023 шықәсатәи абиуџьет апроектаҿ Қырҭтәылазы, ацхыраара аҳасабала,  132 025 000 адоллар еиҵамкәа иазҧхьагәаҭоуп.

Америка абиуџьет апроект аҿы Қырҭәтыла импыҵахалоу арегионқәа хазы хәҭаҷк рызкуп.

2023 шықәсатәи абиуџьет инақәыршәаны, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылатәи арегионқәа, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра иазхазҵо, арҭ арегионқәа рҟны адипломатиатә еизықазаашьақәа шьақәзыргыло  аҳәынҭқаррақәа Американтә изакәызаалак афинанстә цхыраара роуам.  Адокумент инақәыршәаны,  Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Аҳәынҭқарратә департамент авебдаҟьаҿы иаамҭаны ицәыригароуп абри аҩыза аиҳабырақәеи аҳәынҭқаррақәеи рсиа.

Иара убас,  адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, зыӡбхәы ҳәоу афинанстә цхыраара Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа  – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыдгыларазы ахархәара амазар ҟалом.