Џьо Баиден инапы зҵаиҩыз абиуџьет ала иазҧхьагәаҭоуп Украинеи Қырҭтәылеи ацхыраара рзоушьҭра
Џьо Баиден инапы зҵаиҩыз абиуџьет ала иазҧхьагәаҭоуп Украинеи Қырҭтәылеи ацхыраара рзоушьҭра

 

Америка ахада Џьо Баиден инапы зҵаиҩыз абиуџьет ала иазҧхьагәаҭоуп Украинеи Қырҭтәылеи ацхыраара рзоушьҭра.

Азакәан инақәыршәаны Украина 2023 шықәса цәыббранӡа аиуеит 45 миллиард адоллар ацхыраара.  9 миллиард арратә цхыраара иазкуп. 16 миллиард аекономикатә цхыраареи агәыҳалалратә ҭахрақәеи ирызкуп. 12 миллиард адоллар рыла америкатә ар арезерв хадырҭәаауеит аџьаҧҳаны хәҭак Украина ианарҭалак ашьҭахь.

Иара убас, абиуџьет  инақәырәшаны, Қырҭтәыла, ацхыраара ҳасабала иаиуеит  132 миллион  25 нызқь адоллар.

Зынӡа абиуџьет  1,7 триллион  адоллар иаҟароуп.