Аиҳабыра радминистрациа напхгаҩыс дҟаҵоуп Илиа Дарчиашвили
Аиҳабыра радминистрациа напхгаҩыс дҟаҵоуп Илиа Дарчиашвили

Қырҭтәыла Аиҳабыра радминистрациа напхгаҩыс дҟаҵоуп Илиа Дарчиашвили.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  администрациа анапхгаҩ ҿыц иахьа далихит. Аԥыза-министр администрациа анапхгаҩы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

Илиа Дарчиашвили уаанӡа Польша Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан, уи адипломатиатә усзура кыршықәса наигӡон.

Илиа Дарчиашвили аус иуан Қырҭтәыла арегионтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр актәи  ихаҭыԥуаҩс, Амуниципалтә аҿиара афонд анагӡаратә директорс, афонд адиректор ихаҭыԥуаҩс, уаанӡа хазхаҭалатәи асектор аҿы аус иуан.

Илиа Дарчиашвили далгеит Иу. Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет.