Аиҳабыра радминистрациа ахыбра аԥхьа "Амилаҭтә ҵысра" аиҿкаарала акциа мҩаԥыси
Аиҳабыра радминистрациа ахыбра аԥхьа "Амилаҭтә ҵысра" аиҿкаарала акциа мҩаԥыси

Аиҳабыра радминистрациа ахыбра аԥхьа “Амилаҭтә ҵысра” аиҿкаарала акциа мҩаԥысит.

Акциа алахәылацәа Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили аҳәаанырцә ахәышәтәразы ииагара идҵаны иқәдыргылоит.

“Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Леван Хабеишвили ишазгәеиҭаз ала, уажәы акзаара иаамҭоуп, акциақәа аперманенттә сахьа роуеит.

“Арҭ ауаа ахьыҟало, апротест зехьынџьара еиҿкаахоит,  уаанӡа ишыҟаз ҭынч абрифингқәа зехьынџьара мҩаԥыргоит, еизоит ҳәа  – ирылшом. Биӡина Иванишвилии иҩны аԥхьа, Ӷарибашвилии, Брегаӡеи русҳәарҭақәа раԥҳьа, еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҿы акциақә мҩаԥаагоит”, – иҳәеит Хабеишвили.