Аибашьра аҭҵаара аинститут адыррала, украинатәи арбџьармчқәа Херсоншина армарахьтәи аҟәараҿы иӡхыҵит
Аибашьра аҭҵаара аинститут адыррала, украинатәи арбџьармчқәа Херсоншина армарахьтәи аҟәараҿы иӡхыҵит

Аибашьра аҭҵаара аинститут адыррала, украинатәи арбџьармчқәа Херсоншина армарахьтәи аҟәараҿы иӡхыҵит. Аинститут аналитикцәа ргәаанагарала,  уи убарҭоуп урыстәылатәи арратә корреспондентцәеи аблогерцәеи мшаҧы 22 рзы иаладырҵәаз агеолокациа акадрқәа рҿы.

«Урыстәылатәи арратә корреспондентцәеи аблогерцәеи мшаҧы 22 рзы иаладырҵәаз агеолокациа акадрқәа рҿы ишубарҭоу ала, украинатәи арбџьармчқәа Херсоншина армарахьтәи аҟәараҿы иӡхыҵны, апозициақәа ааныркылеит.

Иара убас, акадрқәа инрықәыршәаны, урыстәылатәи арбџьармчқәа аӡиасқәа Конкеи Чаикеи рҿы адгьылбжьахалақәа ирхыламҧшуазар ҟалап», – иануп аинститут аналитикцәа раҳасабырбаҿы.

Дара ргәаанагарала, Украина  Херсовшина мрагыларахьтәи аҟәараҿы аҧыжәара аиузар ҟалап  урыстәылатәи арбџьармчқәа рартиллериатә амца аинтенсивра амаҷра  амшала.