Аҳәса рбахҭаҿы ҩыџьа абаандаҩцәа COVID-19 адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп
Аҳәса рбахҭаҿы ҩыџьа абаандаҩцәа COVID-19 адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп

Аҳәса рбахҭаҿы ҩыџьа абаандаҩцәа COVID-19 адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп

Аҳәса рбахҭа N5 аҿы имҩаҧгаз атестирра ашьаҭала, ахара зду ҩыџьа аҳәса акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Анепитенциартә маҵзура ҷыда.

Амаҵзура адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аҳәса рҭагылазаашьа хьанҭам, дара атәылауаҩратә сектор иаҵанакәа аклиника иҭоуп. Арҭ аҳәса рҟны аимадара змаз егьырҭ абаандаҩцәагьы гәарҭеит, аха акоронавирус аӡәгьы имам. Дара, уезгьы,  абахҭа акарантинтә зонаҿы аҽыҧхьакраҿы иҟоуп. Ҩымчыбжь рышьҭахь  еиҭах атестқәа рзыҟарҵоит.