Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Хурвалеҭи ақыҭа иаԥну импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәаным аинсталиациа дыргылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Хурвалеҭи ақыҭа иаԥну импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәаным аинсталиациа дыргылеит

Гори амуниципаитет иаҵанакуа Хурвалеҭи ақыҭа иаԥну импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы, рашәара 18-19 рзы Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәаным абордеризациа апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны изакәаным аинсталиациа дыргылеит, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аланарҵәаз аинформациа аҿы.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, ари афак иазкны адырра рыҭоуп Евроеидгыла анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәеи Женеватәи адискуссиақәа рхантәаҩцәеи, аус ауеит ацәаҳәа ҷыда.

“Ари азҵаара иқәҳаргылоит Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи имҩаԥысуа иашьҭанеиуа аиԥылареи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәеи рҿы”,- иануп аинформациа аҿы.