Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Манучар Гулиташвили ихы дақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Манучар Гулиташвили ихы дақәиҭуп

«Хымш раҧхьа Переви ақыҭа иазааигәаны урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Манучар Гулиташвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп», — аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭада амаҵзура аҟынтәи.

«Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала иаанкылара иазку аинформациа анҳауҵәҟьа,  зыҧшра ҟамҵакәа,  Ацәаҳәа ҷыда аус аҳаруит,  Қырҭтәыла ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәит.   Жәларбжьаратәи апартниорцәеи Женеватәи адискусииақәа реицхантәаҩцәеи зыҧшра ҟамҵакәа адырра раҳҭеит. Закәандарала иаанкылоу ахаҿы ирласӡаны ихақәиҭтәразы амеханизмқәа зегьы ахархәара рыҭоуп», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.