Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Дирби ақыҭа ааигәара закәандарала иааныркылаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Дирби ақыҭа ааигәара закәандарала иааныркылаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Дирби ақыҭа ааигәара закәандарала иааныркылаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа Тристан Мушкиашвилии Валери Тетруашвилии рхы иақәиҭуп, уажәы дара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Адырра инақәыршәаны, Тристан Мушкиашвилии Валери Тетруашвилии  ирыцыз Қырҭтәыла даҽа тәылауаҩк  макьа закәандарала дҭакуп. Иара ихақәиҭтәразы активла аусура мҩаҧысуеит.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аинформациа анроуҵәҟьа, аусура алагеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  «ацәаҳәа ҷыда», уи аусура еиқәнаршәоит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

«Закәандарала ауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  рахь. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәразы ахархәара рымоуп уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы.  Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп ампыҵахалатә мчы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.