Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа Двани ақыҭа иазааигәаны азакәандаратә  "бордеризациа" мҩаҧыргеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа Двани ақыҭа иазааигәаны азакәандаратә  "бордеризациа" мҩаҧыргеит

«Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа Двани ақыҭа иазааигәаны азакәандаратә  “бордеризациа” мҩаҧыргеит», — аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

«Ари афакт иадҳәаланы ацәаҳәа ҷыда аус ауеит, Евроеидгыла амониторинг амиссиеи Женеватәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи абри азакәандаратә процесс иазкны адырра роухьеит.

Қырҭтәыла ацентртә напхгареи жәларбжьаратәи  ҳпартниорцәеи абри аҩыза афакт цыҧхьаӡа еснагь иахәҭоу ақәҿыҭра арҭоит.

Ари азҵаара иқәдыргылоит Ергнеҭи имҩаҧысуа Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аиҧылареи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәеи рҿы», — аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.