Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Гьаргь Мелаӡеи Дито Коринҭелии рхы иақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Гьаргь Мелаӡеи Дито Коринҭелии рхы иақәиҭуп

Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Гьаргь Мелаӡеи Дито Коринҭелии рхы иақәиҭуп, уажәы урҭ ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Гьаргь Мелаӡеи Дито Коринҭелии рхақәиҭтәра апроцессан активла рхы иадырхәон „ацәаҳәа ҷыда“ амеханизм.

„Қырҭәтәыла ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа, закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәра азҵаара иқәдыргеит Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиеи (GID) Аинцидентқәа рпреценциеи рықәҿыҭреи амеханизм (IPRM) аиҧылареи рҿы”, – иануп аинформациаҿы.