Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура — Украина иҟоу арратә хәҭак иалахәу ақырҭуак идҵала иаахәаз абџьари аџьаҧҳани рацәа иаарҧшуп
«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа аоперативтә–аҧшааратә уснагӡатәқәа мҩаҧганы, ирымаз аинформациа ашьаҭала, амцабџьари, аџьаҧҳани, адетонаторқәа змоу аҧжәагақәеи рацәа аадырҧшит», — ари атәы рҳәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, Украина иҟоу арратә хәҭақәа руакы ақырҭуа хаҭарнак идҵала, Қырҭтәыла атәылауаҩ Б.Ч. амцабџьари, аџьаҧҳани, адетонаторқәа змоу аҧжәагақәеи рацәа ааихәеит.
«Иҟоу аоперативтә информациа инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу абџьар рхы иадырхәар рҭахын жьҭаара 4 рзы Қарҭ Апрезиденттә ахан ақәларааан адиверсиатә актқәа рымҩаҧгаразы. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа ари абџьар Қарҭ агәҭаны иназгараны иҟаз гәыҧҩык ааныркылеит. Зыӡбахәы ҳәоу абџьар Қарҭ ааигәара, абнараҿы иҵәахын. Иара убас, Б.Ч. идҵала адетонатор аус азыруа апульт ҟазҵаз ауаҩы деилкаауп. Иара Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурашҟа днаргахьеит», — ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, Б.Ч. зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы ахара идырҵоит, иара иҧшаара иалагахьеит.