Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Кирбали ақыҭа иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Леван Доҭиашвили ихы дақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Кирбали ақыҭа иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Леван Доҭиашвили ихы дақәиҭуп

Кирбали ақыҭа иазааигәаны урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла  Ҭамаз Гинтури ишьраан закәандарала иаанкылаз Леван Доҭиашвили ихы дақәиҭуп, уажәы иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп. Ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

«Леван Доҭиашвили зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәра азҵаара активла иалацәажәон абҵара 6 рзы Ергнеҭи имҩаҧгаз атехникатә аиҧылараан. Аиҧылара рхы аладырхәит урыстәыла ампыҵахалатәи мчқәеи, импыҵахалоу Цхинвалтәи арегиони рхаҭарнакцәеи Евроеидгыла анаҧшцәа рмиссиеи. Аиҿцәажәарақәа раан ахархәара аман Ацәаҳәа ҷыда амеханизм, аиҧылара активла иалахәын жәларбжьаратәи апартниорцәагьы.

Ацентртә напхгара активла аус руеит Ҭамаз Гинтури ишьра зхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵаразы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.