Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Балаани ааигәара закәандарала иаанкылаз Васико Қенқаӡе ихы дақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Балаани ааигәара закәандарала иаанкылаз Васико Қенқаӡе ихы дақәиҭуп

Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Балаани ааигәара закәандарала иаанкылаз Васико Қенқаӡе ихы дақәиҭуп, уажәы иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Амаҵзура адыррала,  Васико Қенқаӡе ихақәиҭтәра апроцессан активла рхы иадырхәон  „ацәаҳәа ҷыда“ амеханизм.

„Қырҭәтәыла ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәра азҵаара иқәдыргеит Аинцидентқәа рпреценциеи рықәҿыҭреи амеханизм  115-тәи аиҧылараҿы.  Қырҭтәыла ацентртә напхгара,  еиҧҟьарада,  жәларбжьаратәи апартниорцәа аинформациа рырҭон.  Ацентртә напхгара,  жәларбжьаратәи апартниорцәа активла аус рыцыруеит  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәразы“, – иануп аинформациаҿы.