Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа закәандарала Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа закәандарала Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу ақыҭа Ахмаџи иазааигәаны Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит.

«Зыӡбхәы ҳәоу аинцидент иазкны ианеилаҳкааҵәҟьа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  «ацәаҳәа ҷыда» аусура иалагеит, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи  адырра раҳҭеит.

Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы  амеханизмқәа зегьы аус аҳаруит. Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ  адеструктивтә ауранагӡаразы аҭак рыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.