Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу ақыҭақәа Громии Балаани ирзааигәаны ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу ақыҭақәа Громии Балаани ирзааигәаны ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа Ахалгори араионаҿ, импыҵахалоу ақыҭақәа Громии Балаани ирзааигәаны ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит.

Аусбарҭа адыррала, закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы  амеханизмқәа зегьы аус адыруит.

«Ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа Ахалгори араионаҿ, импыҵахалоу ақыҭақәа Громии Балаани ирзааигәаны ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит. Зыӡбхәы ҳәоу аинцидент иазкны ианеилаҳкааҵәҟьа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  «ацәаҳәа ҷыда» аусура иалагеит, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи  адырра раҳҭеит.  Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы  амеханизмқәа зегьы аус аҳаруит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.