Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳасабырба  - Аконтрҧшыхәратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарратә әшарҭадара амаҵзура Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ атәым маҵзура ҷыдақәа роуранагӡара  аарҧшра ахырхарҭала аусура нанагӡон
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳасабырба  - Аконтрҧшыхәратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарратә әшарҭадара амаҵзура Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ атәым маҵзура ҷыдақәа роуранагӡара  аарҧшра ахырхарҭала аусура нанагӡон

«2024 шықәсазы аконтрҧшыхәратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ атәым маҵзура ҷыдақәа роуранагӡара  аарҧшра ахырхарҭала аусура нанагӡон», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура 2024 шықәсатәи аҳасабырбаҿы.

Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, ашәарҭадара аганахьала  2024 шықәсазы атәыла аҭышәынтәалара иаҧырхагаз апроцессқәа мҩаҧысуан, ашәарҭарақәа иаҳа ирацәахеит.

«Арегионаҿ аҭагылазаашьа амшала ашәарҭара азҳара иазҧхьагәаҭаны, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, еиҧҟьарада, атәылаҿ аоперативтә ҭагылазаашьа иацклаҧшуан.

Аконтрҧшыхәратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ атәым маҵзура ҷыдақәа роуранагӡара  аарҧшра ахырхарҭала аусура нанагӡон. Атәым амаҵзура ҷыдақәа  ринтересқәеи рхықәкқәеи,  русура аметодқәеи аформақәеи аарҧшын,  ашәарҭақәа раҧыхреи рпревенциеи амзызла аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵан.

Аҳасабырба зызку аамҭа иалагӡаны, еиуеиҧшым асубиектқәа  Қырҭтәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаара рҽазыркуан, апарламенттә алхрақәа рҟнынӡагьы урҭ рышьҭахьгьы амч ахархәарала аиҳабыра рыхҳәара иазкыз аҽазышәарақәа иҟан.

2024 шықәсазы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, атәыла амилаҭтә интересқәа  ирҿагылаз  ауранагӡара апревенциеи аҧыхреи ахырхарҭала активла аус ауан», — иануп аҳасабырбаҿы.