Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа, Хурвалеҭи иаакәыршаны иҟоу имыпҵахалоу аҵакырадгьылаҿ закәандарала абордеризациа апроцесс еиҭалагеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа, Хурвалеҭи иаакәыршаны иҟоу имыпҵахалоу аҵакырадгьылаҿ закәандарала абордеризациа апроцесс еиҭалагеит

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа, Гори амуниципалитет Хурвалеҭи ақыҭа иакәыршаны иҟоу имыпҵахалоу аҵакырадгьылаҿ, 2022 шықәсазы  закәандарала иалагаз абордеризациа апроцесс еиҭалагеит.  Ари апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны,  дара,  закәандарала аихатә ашьаҟақәа дыргылан, аихатә ҭел акәдыршеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аинцидент иадҳәаланы,  зыҧшра ҟамҵакәа, ацәаҳәа ҷыда аус адыруит.  Евроеидгыла Анаҧшратә миссиеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи ари аинформациа роухьеит.

«Қырҭтәыла ацентртә напхгареи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иҟарҵо афактқәа зегьы ирықәҿырҭуеит.

Ари азҵаара иқәдыргылоит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны Ергнеҭи имҩаҧысуа аиҧылареи, иара убас, Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәеи рҿы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адырраҿы.