Аҳәынҭқарратә департамент Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аусуҩцәа рҭаацәарақәа Украина ааныжьра адҵа рнаҭеит
Аҳәынҭқарратә департамент Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аусуҩцәа рҭаацәарақәа Украина ааныжьра адҵа рнаҭеит

Арегион аҿы иҟоу ишәарҭоу аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, Аҳәынҭқарратә департамент Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аусуҩцәа рҭаацәарақәа Украина ааныжьра адҵа рнаҭеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Иара убас Аҳәынҭдепартамент ацҳаражәҳәара аусуҩцәа гәыԥҩыкгьы Украина ааныжьра адҵа рнаҭеит , Украина иҟоу ЕАШ атәылауаа  рахь ааԥхьара ҟанаҵеит атәыла ааныжьырц.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Урыстәыла Украина иаҿагыланы арратә маневр амҩаԥгара агәы иҭоуп ҳәа адырра иҟоуп. Аҳәынҭдепартмент атәылауаа агәҽанҵара рнаҭоит Украинахь дәықәымлар.