Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала,  Бельгиа аҧкрақәа дырџьбарит
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала,  Бельгиа аҧкрақәа дырџьбарит

Бельгиа, акоронавирус иадҳәалоу епидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыцәгьахаз амшала,  аҧкрақәа дырџьбарит.

АИХ адыррақәа рыла, мшаҧы 19нӡа, атәылаҿы еиҭах ашколқәеи арҧшагатә салонқәеи иаркызаауеит.

Адәахьы ҧшьҩык иреиҳаны ауааҧсыра реицыҟазаара ҟалом. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Бельгиа акоронавирус афактқәа рацәахеит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  842 775ҩык, урҭ рҟынтә  22 763ҩык апациентцәа иҧсит.