Вахтанг Махароблишвили - Иашьашәалоу астатистикақәа реиҭахәаԥшра ашьҭахь, Бельгиа аӡбара шыԥсаххо, Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа еиҭах шалало агәра ҳгоит
Вахтанг Махароблишвили - Иашьашәалоу астатистикақәа реиҭахәаԥшра ашьҭахь, Бельгиа аӡбара шыԥсаххо, Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа еиҭах шалало агәра ҳгоит

Бельгиатәи аҳреи Лиуксебурги ргерцогреи рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ, Евроеидгылаҿ Қырҭтәыла амиссиа анапхгаҩы Вахтанг Махароблишвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, ҳазҭагылоу аетап аҿы Бельгиа аднакылаз аӡбара  ала, Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа иалам.

Махароблишвили иажәақәа рыла, аконсультациақәа мҩаԥгахоит, ари аӡбара шьаҭас иамаз иконкрету амзыз еилкаахоит.  Ари атехникатә ма астатистикатә амзыз ҟаларгьы ҟалап.

“Евроеидгыла аҟынтә абри еиԥш адҵаҟаҵамызт. Иахьа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи асоциира иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп,асоциира акомитет аҟынтә абри еиԥш ашьҭымҭа ҟаҵамызт. Евроеидгыла иалоу атәылақәа реиҳара Қырҭтәыла ишәарҭам тәылс рыԥхьаӡоит. Иашьашәалоу астатистикақәа реиҭахәаԥшра ашьҭахь, Бельгиа аӡбара шыԥсаххо, Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа еиҭах шалало агәра ҳгоит”, -иҳәеит Вахтанг Махароблишвили.