Аекономика аминистрра  - Қырҭтәыла аҧыза-министр идҵала иаахәаз агенераторқәа, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала Украинаҟа инагоуп  
Аекономика аминистрра  - Қырҭтәыла аҧыза-министр идҵала иаахәаз агенераторқәа, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала Украинаҟа инагоуп  

 

«Қырҭтәыла аҧыза-министр иҵдала иаахәаз 25 агенераторқәа Киевҟа инагоуп», — аарыцҳаит Қырҭтәыла Аекономика аминистрраҿы.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы агенераторқәа Украина еиуеиҧшым ақалақьқәа ирзыршеит.

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ромео Микаутаӡе ари аинформациа иоуит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩ иҟынтәи.

1,5 миллион лари зыхҭнырҵаз агенераторқәа рыбзоурала, украинатәи ахәышәтәырҭақәеи, акрыфаратә обиектқәеи, аҵакы ҷыда змоу егьырҭ астратегиатә обиектқәеи авариатә режимаҿ аусура анагӡара рылшоит, —  иануп аминистрра аинформациаҿы.