Аӡбара Ника Мелиа изы аҧкратә уснагӡатә ҳасабала абаандаҩтәра ацынхәрас ашас ашәара ала ихақәтҭәразы аӡбра рыдыркылеит  
Аӡбара Ника Мелиа изы аҧкратә уснагӡатә ҳасабала абаандаҩтәра ацынхәрас ашас ашәара ала ихақәтҭәразы аӡбра рыдыркылеит  

Қарҭ ақалақьтә аӡбара  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Ника Мелиа  изы аҧкратә уснагӡатә аҧсахра иазку апрокуратура иҟанаҵаз абжьацәажәара иақәшаҳаҭхеит.

Аӡбаҩ Нино Чахнашвили ишылҳәаз ала,  аӡбара ақәҵара зыҧшра ҟамҵакәа инагӡазароуп.

Ника  Мелиа ихаҭа иахьатәи апроцесс аҿы дыҟамызт.

Мшаҧы  19 рзы Евроеидгыла абжьацәажәара ала аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Ника Мелиа изы ашас ашәаразы ,  Евроеидгыла адгылара ала,   40 000 лари алнахит  «Европатәи адемократиа афонд».