Аӡбара Қырҭтәылаҟа 200 кьыла героин аагаразы ахара зду Иран атәылауаҩ, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, аҭакра иқәнаҵеит
Аӡбара Қырҭтәылаҟа 200 кьыла героин аагаразы ахара зду Иран атәылауаҩ, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, аҭакра иқәнаҵеит

Аӡбара Қырҭтәылаҟа 200 кьыла героин аагаразы ахара зду Иран атәылауаҩ, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, аҭакра иқәнаҵеит.

Аусеилыргара адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ауаҩы Қырҭтәылаҟа иааигаз 200 кьыла героин аџьармыкьа еиқәаҿы  50 миллион адоллар иаҧсоуп.

Иаанкылоу ауаҩы ари ахара иазхеиҵом,  ишиҳәаз ала, иара қьырала иргаз аидаратә машьына арныҟәцаҩ иоуп, азакәандаратә аидара иазкны акгьы издырӡомызт.  Аусеилыргара адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу амашьына Иранынтә Қырҭтәылаҟа иааит Азербаиџьан иалсны, агәаҭара-аужьҭратә пункт  «Ацҳа ҟаҧшь» ала.  Аусеилыргаҩцәа рдыррақәа рыла, ари амашьына, Қырҭтәыла иалсны Болгариаҟа ицар акәын.

Иаанкылоу Иран атәылауаҩ  20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра иқәшәоит.