Леван Иоселиани – Аӡбара ахь агәрагара иҟазҭгьы, аполиткиатә кризис ҟаломызт
Леван Иоселиани – Аӡбара ахь агәрагара иҟазҭгьы, аполиткиатә кризис ҟаломызт

«Қырҭтәыла ауааҧсыра аӡбара агәра ргом,  уи апроблема дууп. Ауаа аӡбара агәра ргозҭгьы, аполиткиатә кризис ҟаломызт, избанзар аполиткиатә партиақәа ирымоу  азҵаарақәа зегьы  аӡбараҿы аҭак роуан», —  иҳәеит апартиа  «Атәылауаа» ахаҭарнак  Леван Иоселиани.

Иара иажәақәа рыла, аӡбара азҵаара аҭыҧқәҵаразы аоппозициаа рҽазышәара аҵакы ду амоуп.

«Иҵабыргны иуҳәозар,  99% ашшыҧхьыӡқәа аӡбаранӡа имнеит. Убри азоуп ажәлар аӡбара агәра зырымго.  Аӡбара апроблема ӡбатәуп, ара апроцесс аҿы аоппозициаа рҽазышәара аҵакы ду амоуп.  Аха уажәтәи анапхгара ари апроблема рзырыӡбом, избанзар аӡбаҩцәа зегьы дара рымаҵ руеит.   Ҳтәылаҿы апроблемақәа зегьы аиашаӡбара аҟамзаара ауп изыхҟьо.   Ауаҩы изинқәа шыхьчазаауа агәра ганы дыҟазҭгьы, алхрақәа зегьы рнеҩс абри аҩыза аиҿагылара ҟаломызт», — иҳәеит Иоселиани.